Аԥсны

Аҟәа инхо ауаҩы анаркотикқәа рыҵәахразы даанкылоуп

Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 3 иазгәанаҭо ацәгьоурала ашьаус хацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аҟәа инхо Дима Ҷанба закәаншьаҭада мҽхакыҭбаала анаркотикқәа раахәареи, рыҵәахреи, рныҟәгареи, рыҵәахреи рзы даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
42 шықәса зхыҵуа Ҷанба даанкылан Аҟәа, Адлеиба имҩаҟны. Игәаҭараан идбалан аметадон згәылаз аилаҳәарақәа.
Ззин ыҟам амаҭәашьар хә-граммк иҟан. Ҷанба аҩнытә баандаҩра иқәырҵеит.