Аԥсны

Аслан Бжьаниа Гал араион аусутә гәаҭарақәа рзы даҭааит

Аслан Бжьаниа инаҩс агәаҭарақәа ирылахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аштаб хада анапхгаҩы Владимир Савченко.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гал араион даҭааит аусутә гәаҭарақәа рымҩаԥгаразы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада дазыӡырҩит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Арбџьармчқәа рхатә еилазаара амобилизациа азхиазаара арӷәӷәаразы иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазку иажәахә.
Иара убас Аслан Бжьаниа игәеиҭеит аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа инаваршәны идыргылаз анџьныртә хырӷәӷәарҭақәа.