Аԥсны

Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион ахада ҿыц дыдирдырит

Аслан Бжьаниа Саид Ҳаразиа Гәылрыԥшь араион ахадас ишьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит хәажәкыра 2023 шықәса рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион актив дыдирдырит араион ахада ҿыц Саид Ҳаразиа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Акадрқәа рызҵаарақәа анаҳӡбо, уи еснагь аус иазеиӷьхароуп, алҵшәа бзиа аанарԥшыроуп. Аҳәынҭқарра ахада иаҳасабала, сара сақәгәыӷуеит Саид Ҳаразиа иџьабаа Гәылрыԥшь араион анхацәа рзы ихәарҭахап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.
Иазгәаҭан Гәылрыԥшь араион аҿы ишынхо милаҭрацәала ауааԥсыра, убри азы акраҵанакуеит амилаҭбжьаратә еилибикаара аиқәырхара.
Уи адагьы, Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит адунеи аҟны аҭагылазаашьа уадаҩ шьақәгыланы ишыҟоу, Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аанартырц азы ацәажәарақәа шыҟоу.
Саид Ҳаразиа актив раԥхьа дықәгыло, иҳәеит араион аҿы аҭагылазаашьа иаӷьтәразы аидгылара шаҭаху.
"Сара ибзианы еилыскаауеит снапы ианҵоу аус аҭакԥхықәра ду шацу. Агәра згоит ҳамчқәа еидҵаны ишҳалшо ҳраион аҿы ашәҭыкакаҷреи, аизҳазыӷьареи, ашәарҭадареи аҳра рурц. Аԥсуареи аламыси – сара сзықәныҟәо ԥҟарақәоуп. Ҳара зегьы аус ҳуроуп Гәылрыԥшь араион аҿы аԥсҭазаара маншәалазарц адагьы, дарбанзаалак пату иқәны, азҿлымҳара игымкәа дынхаларц", - иҳәеит араион ахада ҿыц.
Аԥсны
Гәылрыԥшь араион ахада даҭоуп
Аслан Бжьаниа Саид Ҳаразиа Гәылрыԥшь араион ахадас ишьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит хәажәкыра 2023 шықәса рзы. Уи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан Беслан Ҵнариа.
Уаанӡа араион ахадас дыҟан Беслан Бараҭелиа.