Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Хорааԥҳа анхаҩы иԥсҭазаашьеи ақыҭа иунаҭо ааӡареи ртәы

Кәтол инхо Шьариза Хорааԥҳа еиҭалҳәеит лнапы злаку, лымш шымҩасуа, ақыҭа дшазыҟоу, уи арҿиаразы иҟаҵатәу ҳәа илԥхьаӡо, аԥҳәыс анхараҟны лроль, ақыҭа иунаҭо ааӡара ртәы.
Sputnik
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.