Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Занҭариа ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа изкны

Ашәҟәыҩҩы, апоет, апрозаик, аиҭагаҩ Никәала Кәыҵниа диижьҭеи 85 шықәса ҵит иахьа. Ажәа сахьарк азҟаза аԥсуа литератураҟны илагала арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит апоет, апрозаик Владимир Занҭариа.
Sputnik
Никәала Кәыҵниа диит март 13 1938 шықәса рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дравторуп 10 томк аҩымҭақәа: ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, афоризмқәа. 20 шықәса аус иуан ажурнал "Алашара" редактор хадас, Аԥсуа радио аҟны дикторс аус иухьан, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахантәаҩын.
Никәала Ҭарашь-иԥа ихатә ҩымҭақәа иҽырхаршәаланы аиҭагара аусгьы инапы алакын. Убас, аԥсышәала ирцәажәеит Пушкин, Некрасов, Блок, Тургенев, Бунин, Толстои, Маркес, Шекспир, Хаииам, Шиллер уҳәа егьырҭ авторцәа раԥҵамҭақәа.
"Никәала Кәыҵниа ҩашьара зқәым иҭыԥ ааникылон ҳаԥсуа милаҭтә литература аҿиара аҭоурых аҟны апоет, апрозаик, апублицист иаҳасабала. Никәала жанр рацәала баҩхатәралагьы аус зуаз шәҟыҩҩ дуны дҳаман. Аиаша ҳҳәозар, дҟаза дуун, дыпрофессионалын", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Никәала Кәыҵниа идунеи иԥсахит 2020 шықәсазы, 82 шықәса дшырҭагылаз.