Аԥсны

Ереванынтәи иааԥхьаз аортопед Аԥсны 90-ҩык ахәыҷқәа гәеиҭеит

Еревантәи аҳақьым-ортопед Овсеп Даниелиан афонд "Ашана" апроект "Згәы бзиоу абиԥара" аҳәаақәа ирҭагӡаны агәаҭарақәа мҩаԥигон.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Еревантәи аҳақьым-ортопед Овсеп Даниелиан аԥснытәи ахәыҷқәа 90-ҩык идикылеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аҳақьым хәажәкыра 10 рзы адкылара мҩаԥигон Гәдоуҭа, хәажәкыра 11-12 рзы – Аҟәатәи ареабилитациатә центр аҿы.
Врач ортопед
Даниелиан Аԥсны аҩашанӡа дыҟазаауеит. Ашәахьаҽны аортезқәа рзы ашьапышьҭақәа азирхиоит, аҩаша изҭаху зегьы идикылоит ареабилитациатә центр аҿы лҳәеит афонд "Ашана" анапхгаҩы. Ереван иазырхиахо аортезқәа анаҭаххо, афонд уи ахарџьқәа ахахьы иагоит.
"Ашана" иара убасгьы ахә рыхнашәаауеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы имҩаԥгахо аоперациақәа.