Аԥсны

Кәыриԥа алақәа рбарҭаҿ аҭыԥ азхом иҳәеит

2022 шықәса жәабранмзазы Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан алақәа рбарҭа аҭыԥ аартын. Иара аргылара нап аркын 2020 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан алақәа рбарҭа аҭыԥ азхом иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳҭнықалақь амуниципалтә наплакы "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.

Иара иажәақәа рыла, ара алақәа 50 реидбалара рылшоит, арахь есыҽны иааргоит иаԥшәымадоу алақәа.

Аиҳарак иаԥшәымадоу алақәа Аҳабла ҿыци Алашарбага аҳаблеи рҿы ауп иахьыбжьоу. Иара убасгьы ақыҭақәа рҟынтә ақалақь аҿы акрыфарҭақәа рааигәара иаанзыжьуа ыҟоуп.
Кәыриԥа ишиҳәаз ала, Аҟәа ахадара иазԥхьагәарҭоит ари аҭыԥ арҭбаареи аҟазауаа аветеринарцәа рыла аиқәыршәареи.