Аԥсны

Шә-нызқь цыра аконтрабандатә сигареҭқәа Аҟәа ақалақь аҿы ирымырхит

Аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵ рбеит автомашьынақәа ҩба реидараҭаҵарҭақәа ангәарҭоз.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Аҟәа аоперативтә информациа анагӡараан ирымырхит аконтрабандатә сигареҭқәа шә-нызқь цыра инареиҳаны. Абри атәы саанацҳауеит АҲЕ апресс-маҵзура.
90 нызқь цыра сигареҭ рбеит Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына аидараҭаҵарҭаҿы.
Акцизтә маркақәа зқәымыз 20 нызқь сигареҭ даҽа машьынак аидараҭаҵарҭа иҭан.
Абарҭ аҳазалхратә зинеилагарақәа ирызку аматериалқәа рыҭоуп Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы заанаҵтәи аҭҵаарақәеи аҳазалхратә шьаусҭҵаарақәеи рыҟәшахьы.