Суслов Аԥсны Аҳәынҭқарра еидгыла алахәра ахьыԥшымра иаԥырхагоу иаԥырхагаму далацәажәеит

Апроект автор, Аԥсны ААР аминистр ицхырааҩ Едгар Гәазаа иинтервиу аҟны иазгәеиҭеит аԥсуаа ареспублика асуверенитет ацәыӡра азҵаара хьаас ишрымоу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра еидгыла алахәра асуверенитет иаԥырхагоуп ҳәа агәаанагара ҵаҵӷәы иашак амаӡам иҳәеит ЕАА адәныҟаполитикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи русхк аҟны аексперт Дмитри Суслов, апроект "Многополярность" аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла, ареспублика аинтеграциатә процессқәа рылахәхара асуверенитет амырӷәӷәозар, иҵнашәаауам.
"Аҳәынҭқарра еидгыла конфедерациам. Ари еиҳа иҵаулоу аекономикатә интеграциа иаформоуп. Урыстәылеи Беларуси рыбжьара ицо апроцессқәа шәрыхәаԥшыр, ижәбоит урҭ еиҳарак иззырхоу аекономикатә политика аишьаршәалара шакәу", – иҳәеит иара.
Аексперт иҳәеит Аҳәынҭқарра еидгылаҿы адәныҟатәии атәылахьчаратәии аполитика шакәым излацәажәо, иара иахықәку аекономикатә зеиԥш ҵакыра аԥҵароуп ҳәа.
Аԥсны
Арӡынба: Аԥсны Урыстәылеи Белоруссиеи ирыднагалеит х-ганктәи аилацәажәарақәа рмеханизм