Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 16 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 16 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Иара убас Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа икарыжьит HIMARS аицҭырҟьаратә хгәыцәқәа 12, арадиолокациатә ҿагыларатә ракетак HARM.

Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 76, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 148 раион рыҟны.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аибашьцәа 60-ҩык, амашьынақәа ҩба, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - УАМ аибашьцәа 110-ҩык, апикапқәа ҩба, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аибашьцәа 190-ҩык, атанкқәа хԥа, акәылӡымашьанақәа ҩба, амашьынақәа 14, агаубица "Мста-Б". Алада-Донецктәии Запорожтәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аибашьцәа 60-ҩык, апикапқәа ҩба, агаубицақәа Д-20, Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 20-ҩык, амашьынақәа хәба, ахаланыҟәагатә гаубицақәа "Акациа" ҩба, агаубица "Мста-Б".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар украинатәи ажәыларатә гәыԥқәа ааба ршьаҟьеит