ААА ахада коронавирус апандемиа 2023 шықәсазы ихыркәшахап ҳәа дақәгәыӷуеит

Китаи амчрақәа ԥхынҷкәын 31, 2019 шықәсазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара адырра анаҭеит ақалақь Ухань аҿы уаанӡа идырмыз аҿкчымазара шцәырҵыз азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара ахада Тедрос Адханом Гебреиесус акоронавирус апандемиа 2023 шықәсазы ихыркәшахап ҳәа дшақәгәыӷуа иҳәеит. Абри атәы арбоуп аиҿкаара арелиз.
Иара иажәақәа рыла амчыбжь аҩнуҵҟа COVID-19 иахҟьо аԥсҭбарақәа еиҵахеит апандемиа аныҟаз ирылаҳәаз арбагақәа раасҭа.
"Агәра ганы сыҟоуп сынтәа COVID-19, жәларбжьаратәи аҵакы змоу ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы иҭагылазаашьа ҷыданы иҟаз уаҳа аҭыԥ амам ҳәа ҳҳәар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Китаи амчрақәа ԥхынҷкәын 31, 2019 шықәсазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара адырра анаҭеит ақалақь Ухань (апровинциа Хубеи) аҿы уаанӡа идырмыз аҿкчымазара гәаҵәыхь шцәырҵыз азы. Убри аан аԥхьатәи ачымазцәа амшынаалыҵ ахьырҭиуаз аҭыԥантәи аџьармыкьа иадҳәалан.
2020 шықәса ажьырныҳәамзазы Китаи официалла ирылаҳәан уаанӡа идырмыз акоронавирус хкы авирустә гәаҵәыхь ишахҟьаз.
Хәажәкыра 11, 2020 шықәсазы усҟантәи аиҿкаара ахада Тедрос Адханом Гебреиесус аҳәамҭа ҟаиҵеит акоронавирус апандемиатә ҟазшьа шышьҭнахыз.