Аԥсны

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 2023 шықәса аԥсуа литература иашықәсны ирыланаҳәеит

Аԥсны еиҳа ижәытәу арҿиаратә еиҿкаара – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵан 90 шықәса раԥхьа, 1933 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 2023 шықәса аԥсуа литература иашықәсны ирыланаҳәеит, аиҿкаара шьаҭаркуижьҭеи 90 шықәса аҵра инадҳәаланы ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
"Сынтәатәи ашықәс аԥсуа литераторцәа зегьы рзы аҵакы аманы иҟалоит. Ҳусура зегьы аиубилеитә уснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡахоит. Иҳагәҭакуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иаԥҵоу акомиссиақәа: ареспублика аҵараиурҭақәа рҟны алитераторцәа қәыԥшцәа, алитературатә кружокқәа аус рыдуларазы; ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә ҭынха аизакреи ахьчареи рзы уҳәа русура арцыхцыхра. Иара убасгьы имҩаԥгахоит ашәҟәыҩҩцәа, алитературатә ҭыԥқәа рфотоархивқәа раԥҵара азҵаара аус адулара" - иҳәеит иара.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны аус ауеит алитературатә клуб, иара ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҟны аҟәшақәа амоуп иҳәеит Аԥҳазоу.
"Сынтәа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы ҳрҭааны, еиуеиԥшым алитературатә еиԥыларақәа, аӡыргарақәа, апоезиа ахәылԥазқәа, астол гьыжьқәа, афестивальқәа, асеминарқәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Ҿыц аҩра иалаго рзы уи акраҵанакуеит. Ҳаргьы урҭ ралкаараҿы алшара ҳауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит, 2022 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ишеиҿнакааз "Алитературатә хәшҭаара", акультуратә, аҵаратә усбарҭақәа алитературатә ҭынха ахьчара, асахьаркыратә ажәа аларҵәара, аԥсуа литература атрадициақәа рыларҵәара русхк аҟны рлагалаз иранашьахо.
Аиубилеи ахьӡала иҭыжьхоит апоезиатә коллективтә еизгақәа аԥсышәалеи урысшәалеи, ажәабжьқәа реизгақәа, абуклет "Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла – 90 шықәса".