АҞӘА, хәажәкыра 14- Sputnik. Аԥснытәи ақалақьқәа Гагреи Афони 2023 шықәса ааԥынразы еиҷаҳарала аԥсшьараз иалкаау жәа-хырхарҭак ирыҵанакит.
Актәи аҭыԥ ннакылоит Анапа, аҩбатәи - Гагра.
2023 шықәса ааԥынразы еиҷаҳарала аԥсшьараз иалкаау жәа-хырхарҭак:
Ақалақь | Уахыктәи абжьаратә хәыԥса (амааҭ) | Аныҟәараз абжьаратә аамҭа |
Анапа, Краснодартәи атәылаҿацә | 1804 | 11 у/ҽ |
Гагра, Аԥсны | 1555 | 9 у/ҽ |
Пермь, Пермтәи атәылаҿацә | 1647 | ҩаха |
Евпаториа, Ҟрым | 486 | 11 у/ҽ |
Горно-Алтаиск, Алтаи | 1859 | 5 у/ҽ |
Адлер, Краснодартәи атәылаҿацә | 1632 | 6 у/ҽ |
Афон Ҿыц, Аԥсны | 1958 | 4 у/ҽ |
Гориачи Клиуч, Краснодартәи атәылаҿацә | 1500 | ҩаха |
Бахчисараи, Ҟрым | 1400 | ҩаха |
Лермонтово, Краснодартәи атәылаҿацә | 1430 | 5 у/ҽ |