Аҳәынҭдума Урыстәылеи Аԥсни аекономикатә усқәа рыӡбрақәа рзы аиқәшаҳаҭра аднакылеит

Аиқәшаҳаҭра апроект ашьақәырӷәӷәаразы Аҳәынҭдума иадигалеит атәыла ахада Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭақәеи абжьаҟазарҭақәеи рыӡбрақәа рзы аиқәшаҳаҭра Аҳәынҭқарратә Думаҿ ирыдыркылеит.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын X Петербургтәи афорум аҿы рашәара 29, 2022 шықәсазы. Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци иколлега Константин Чуиченкои.
Апроект иазгәанаҭоит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭақәеи абжьаҟазарҭақәеи рыӡбрақәа рзы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара. Аиқәшаҳаҭра иазгәанаҭоит атәылауаа рнаплактәии егьырҭ рекономикатәии ус амҩаԥгараан ицәырҵуа аилибамкаарақәа рганахь ала, аӡбарҭақәеи жәларбжьаратәи акоммерциатә бжьаҟазарҭақәеи рыӡбрақәа атәылақәа наҟ-ааҟ иазхарҵоит ҳәа.