АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа АҲ "Аҽгәара" аҟны аусурақәа шцо гәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада Руслан Кәарҷиа иҳәеит ацәаҳәа аизакразы аусурақәа зегьы ажьырныҳәа 23 рзы ишхыркәшаз.
Ацәаҳәа аус шауа агәаҭараз, ахьанҭыра рмаҷны хәба-хәба сааҭ аус адырулон. Ацәаҳәа инҭкааны ахархәарахь инашьҭхоит Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭара анаанкылахалак.
Иахьазы АҲ "Аҽгәара" аҟны имҩаԥыргоит адыдмацәыс-цәаҳәа (грозотрос). Аусурақәа рхыркәшаразы иаҭахуп ҩеижәижәаба мшы-бзиа.
Анџьныр хада ишиҳәо ала, иахәҭаны иҟоу аматериал зегьы аахәоуп.