Аԥсны

Ишәарҭоуп, аха уахылаԥшыр ҟалоит: аексперт абҷы аҽацәыхьчара шалшо далацәажәеит

НИИЕПиТ аҭҵаарадырратә хәҭазы адиректор ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа лажәақәа рыла, 2022 шықәсазы адунеи аҿы иазгәаҭан 20 рҟынӡа абҷы ацәырҵрақәа. 2023 шықәсазы Урыстәылагьы иазгәаҭан аҿкратә хҭысқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аԥсны абҷы иахьазы аӡәгьы ихьны иазгәаҭам ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәатәи аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут аҭҵаарадырратә хәҭазы адиректор ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа.
Абҷы алаҵа ззыҟарҵо чмазароуп лҳәеит Матуаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, аԥҟарақәа инарықәыршәаны ахәыҷы раԥхьатәи алаҵа изыҟаҵатәуп 12 мзы анихыҵлак, ишәарҭароу агәыԥ даҵанакуазар – 9 мзы данырҭыслак. Аиҭаҟаҵара мҩаԥыргоит ԥшьышықәса рзы.
Аминистр ицхырааҩ илҳәеит алаҵа шәпроценткны ауаҩы абыҷы дшацәнахьчо. Алаҵа ззыҟаҵоу ачымазаҩ абҷы усгьы иҭаазар, зынӡа имариоу аҭагылазаашьала ихигоит, иҟалоит ианизымдырӡогьы. Ԥсраҽнынӡатәи аиммунитет роуеит лаҵада иҟаны, ианыхәыҷыз абҷы зхызгазгьы.

Матуаԥҳа ишылҳәо ала, адуцәа ахәыҷқәа раасҭа еиҳа иуадаҩны ирхыргоит абҷы, избанзар аиммунтә система ахацқәа ааха рнаҭоит, ачымазара ашьҭахь ацәеижь аиҭашьақәгыларагьы аамҭа рацәа аҭахуп. Иҟалалоит абҷы аԥсҭбара аҟынӡа ауадаҩрақәа ананнажьуа.

НИИЕПиТ аҭҵаарадырратә хәҭазы адиректор ихаҭыԥуаҩ илҳәеит ауаҩы даныхәыҷыз алаҵа изыҟаҵамзаргьы иҟалоит анаҩс изыҟарҵар. Алаҵа изыҟаҵазу изыҟаҵамзу адырразы абҷы ацәеижьҿагылақәа рзы анализ аҭатәуп.
"Абҷы хырҩа зуҭаша чмазараӡам. Ҳколлегацәа, апедиатрцәа иазгәарҭоит агәылара тәылақәа рҿы аҭагылазаашьа атәы заҳаз аҭаацәа активла алаҵа шыҟарҵо. Абри аганахь ала алаҵа ыҟоуп, уадаҩра ҳамаӡам", - лҳәеит лара.
Абҷы иҿку чмазароуп, ҳауала ишьҭукаауеит. Иухьыр ушоура ҳаракхоит, ухы-уҿы, уцәа, ухәда иақәнаԥсоит. Бжьаратәла хымчыбжьа иуҭоуп.