Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: атуристтә усхк азы азакәан арҽеира алагалара атәы

Атуристтә усхк азы азакәан иарбан рҽеироу иаларгаларц ирҭаху, насгьы уи лҵшәас иаанашьҭырц иалшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Жәлар реизара адепутат Ахра Ԥачулиеи Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рхеилак алахәыла Кама Мықәԥҳаи.
Sputnik
Аекскурсиа мҩаԥызго, агид-аиҭагаҩцәа, иара убасгьы атуризм азы амҩақәҵаҩцәа рганахьала атуристтә усхк азы азакәан аҟны ибжьахаз иахәаԥшит Аԥсны Жәлар реизара аилак аилатәараҟны. Иалагалоу арҽеира инақәыршәаны, аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа раҳасабала аттестациа иахыслар ҟалоит зықәра наӡахьоу, ибжьаратәу, иҷыдоу мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵара змоу рнаҩсгьы, макьана аҵара зҵогьы.