Арадио

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Ҷлоу ақыҭа аекономикатә ҿиаразы алшарас иамоу атәы

Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ақыҭа аекономикатә ҿиаразы иамоу алшара атәы, уи аилкааразы иарбан аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәоу имҩаԥгаз.
Sputnik
Аслан Сангәлиа иажәақәа рыла ақыҭаҿы рхазы еилыркаар рҭахын лшарақәас иҟоу аекономика аганахьала. Аекономикатә институт аҟынтә аҵарауаа рыбзоурала уи аусура мҩаԥган.
"Ишьақәыргылан иҳамоу иҳахӡу. Ақьаад аҿы иарбоуп ҳалшарақәа, аха урҭ аус рыдуларазы иаҳҭахуп ацхыраара. Инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ҳдыруеит, урҭ рахьынтә шаҟаҩы аусура рылшо. Зхы иақәиҭны иҳамоу адгьылқәа еилкааны иҳамоуп, иааурыхыр зылшогьы", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Сангәлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.