Арадио

Аҩӡԥҳа аиашьаратә жәларқәа реимадаразы: шьак ҳалҵзар, ҳаидгылазароуп еснагь

Sputnik
Чечентәыла акультура амш мҩаԥысуеит Аԥсны. Иабанӡахадоу арҿиаратә гәыԥқәа ргастрольқәа аҟазацәа рԥышәеимдаразы, аиашьаратә жәларқәа реимадара арӷәӷәарзы, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараируҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа.
Ари хҭыс бзиоуп ҳаԥсуа жәлар зегьы рзы, иҳараку аҭыԥ ааннакылоит ҳәа азгәалҭеит Аҩӡԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Нхыҵ Кавказ ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадара даара акраҵанакуеит. Шаҟа ҳаибабо, шаҟа дареи ҳареи аимадара ҳабжьоу - убри аҟарагьы агәыбылра ҟалоит, аидгылара ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Абыржәтәи аҿар изызҳауа ирдырыц ахәҭоуп ҳашьцәа Нхыҵ ишыҟоу. Иарӷьажәҩаны еснагь ишҳавагылоу. Аԥсны ахақәиҭтәраз икарҭәеит ашьа, уи хашҭтәым. Еицаҳзеиԥшу шьак ҳабжьоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аибашьраан ҳансамбльқәа Нхыҵ Кавказ ицаны имҩаԥыргоз аконцертқәа раан агәыбылра еиҳагьы иҳабжьанаҵеит. Шьак ҳалҵзар, ҳаидгылазароуп еснагь", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.
Сира Аҩӡԥҳа еиҭалҳәеит аҵараиурҭахь аҭаларазы ишаауа Нхыҵ Кавказынтә, аԥсуа хәыҷқәеи дареи ирыбжьарҵо аимадара атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.