АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭахь Гәыма инхо ауаҩԥсы ирласны днаргеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны атәылауаҩ Ашәба адабла исын, имаха-шьаха имыхәо дҟалеит, аамҭа мгакәа ацхыраара иҭахын.
Амҩаҿ ахаҵа иахәҭаз ацхыраара ирҭеит. Анаҩс ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа дрырҭеит.
Ачымазаҩ ақалақь ахь данааргоз, иаалырҟьан ишьҭыҵыз аӡиасқәа Гәымсҭеи Чадыми иргара рықәшәеит.