Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә отриади агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит

Акурорттә сезон аламҭалаз иазԥхьагәаҭоу ареидқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә отриади агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит Аҟәатәи ашыцә иахьаҵанакуа.

Ареид аан игәарҭон зышәагаа маҷу аӷбақәа ртехникатә ҭагылазаашьа, урҭ рырныҟәаразы адокументқәа рыҟазаара.

Агәаҭара иахыжьын хә-ӷбак. Еилагарак аарԥшымхеит.
Акурорттә сезон аламҭалаз иазԥхьагәаҭоу агәаҭарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит.