Аԥсны

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәоуп

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиазы акомиссиахь азыҳәақәа рыдыркылалоит рашәара 1 аҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәоуп.
Аԥхьахә рыҭахар алшоит 2020-2022 шықәсқәа рзы иҭыжьыз арҿиамҭақәа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ԥхьахә азы акомиссиахь азыҳәақәа рыдыркылалоит рашәара 1 аҟынӡа, абри аҭыӡҭыԥ: Жәанба, 9.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа шьаҭаркын 1967 шықәсазы. Раԥхьатәи лауреатцәаны иҟан: Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр. Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны аԥхьахәқәа рыҭара ареспубликаҿ есхышықәса имҩаԥыргоит.