Аԥсны

Гал араион аҿы амчратә усбарҭақәа рҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵоит

Гал араион аҟны хәажәкыра 12 рзы арратә техникеи аилазаареи неины амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура, Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура ҳәа аанацҳауеит АХьМ апресс-маҵзура.
Азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа имҩаԥыргоит абжьаратә лкаақәа, аҽазыҟаҵарақәа аҩбатәи ретап аҿҳәарақәеи апрограммеи иацеиқәшаҳаҭхоит.