Аԥсны

Тҟәарчалтәи Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа иҩналан иӷьычит ҳәа гәҩарас иҟоу ҩыџьа аанкылоуп

Иаанкылоу ахара рыдҵахоит аӡбамҭа ма аӡбаҩцәа рыӡбара азакәанмчра анаиулак ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа ҩыџьа Тҟәарчалтәи Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа иҩналан иӷьычит ҳәа иаанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, 36 шықәса зхыҵуа Реваз Твартваиеи 28 шықәса зхыҵуа Дмитри Тҳаиҵыҟәи Тҟәарчалтәи Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит.
Дара акассир лкабинеҭ аҟынтәи аԥареи анхамҩа аиҳабы имаҭәеи рӷьычит.
Ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада ахыбра иҩналаны амазара аԥхасҭа ахьарҭази иахьӷьычызи азы.