Аԥсны

1900-ҩык инареиҳаны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоуп

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоу рлахьынҵа аилкааразы Акоординациатә механизм аԥҵан 2010 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. 1900-ҩык инареиҳаны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоуп аԥсуа ганахьалагьы ақырҭуа ганахьалагьы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аусбарҭаҿ ирҳәеит хәажәкыра 14 рзы Белград ишымҩаԥысыз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоу рлахьынҵа аилкааразы Акоординациатә механизм 14-тәи аилатәара.

Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа гани ақырҭуа гани реиԥылара мҩаԥысит Аџьар Ҟаԥшь аилак абжьаҟазарала.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоу рлахьынҵа аилкааразы Акоординациатә механизм аԥҵан 2010 шықәсазы. Уи аахыс иԥшаауп 520-ҩык рыԥсыбаҩқәа, урҭ рҟынтәи 215-ҩык рхаҭара шьақәыргыланы рҭаацәа ирыҭан.