Аԥсны

Аслан Бжьаниа COVID-19 имазар ҟалоит ҳәа ихы ԥхьеикит

Аслан Бжьаниа COVID-19 амазааразы алабораториатә тест аҭак ҟалаанӡа ихы ԥхьаикит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа COVID-19 имазар алшоит ҳәа агәаанагарала ихы ԥхьеикит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аслан Бжьаниа хәажәкыра 14 рзы ихы ԥхьеикырц иӡбеит игәабзиара ҽеимкәа иахьибаз азы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
COVID-19 антиген азы иҟаиҵаз аекспресс-тест ҵоуроуп. Алабораториатә ПЦР-тест аҭак макьана еилкаам.