Аԥсны

Леонардо да Винчи иан кавказхылҵшьҭроуп ҳәа Чрыгба игәаанагара шьақәырӷәӷәахеит

Виачеслав Чрыгба ишәҟәы "Катерина лымаӡа. Дызусҭадаз Леонардо да Винчи иан?" 2018 шықәсазы иҭыҵит. Уи аҿы автор иҩуеит да Винчи иан Аԥснынтә ма Черқьессиантә иргаз атҟәацәа дреиуан ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Леонардо да Винчи иан кавказтәи ахылҵшьҭра лымоуп ҳәа аԥсуа ҵарауаҩ Виачеслав Чрыгба игәаанагара шьақәырӷәӷәахеит.
Италиатәи ашәҟәыҩҩы, алитература апрофессор Карло Вечче Флоренциа Аҳәынҭқарратә архив аҿы иԥшааит Леонардо иира шықәсыбжак аҟара шагыз анапы зҵаҩыз аԥҳәыс лхақәиҭтәразы адокумент.
Акт аҿы иарбоуп аԥҳәыс черқьестәи аҭауад Иаков (Иакоб) дышиԥҳаз. Адокумент инапы аҵеиҩит анотариус Пьеро да Винчи, исахьаҭыхыҩхараны иҟаз Леонардо иаб.
Вечче иҩыз ашәҟәы аҟны иаҳәоит, Леонардо иан Катерина Кавказынтә Флоренциаҟа Венециа ала дшықәнагалаз тҟәак лаҳасабала.
Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр анапхгаҩы, аҵарауаҩ Виачеслава Чрыгба ишәҟәы "Катерина лымаӡа. Дызусҭадаз Леонардо да Винчи иан?" 2018 шықәсазы иҭыҵит. Уи аҿы автор иҩуеит да Винчи иан Аԥсны ма Черқьессиа рҟынтә атҟәацәа дреиуан ҳәа.