Аԥсны

Анаркотикқәа раларҵәаразы Узбекисҭан атәылауаҩ даанкылоуп

Иаанкылоу иажәақәа рыла иара анаркотикқәа Москва иааихәеит, аҳәаа иахигеит Аԥсны аҭиразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Аҟәа дааныркылеит Узбекисҭан атәылауаҩ, анаркотикқәа закәаншьаҭада раахәара, рымазаара, рыҭира инапы алакын ҳәа иԥхьаӡаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
22-шықәса зхыҵуа Даниил Локтев идбалан аметадон згәылаҳәаз 12 еилаҳәара. Иара убасгьы идбалан аелектронтә капангеи аизолентеи.
Иаанкылоу далархәны аҵәахырҭа ҭыԥқәа аарԥшын Аҟәатәи ашьха, Папасқьыр имҩаҿы. Иаанкылоу иажәақәа рыла иара анаркотикқәа Москва иааихәеит, аҳәаа иахигеит Аԥсны аҭиразы.
Ашьаус хацыркуп АА АЗ ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт "в" инақәыршәаны. Аԥсны ААР адыррала аоперативтә информациа ишаҳәо ала Аԥсны анаркотикқәа аладырҵәоит анаркохырхарҭа "Визи" ала. Уи аусура аԥырҟәҟәаразы аусурақәа мҩаԥгоуп.
Аԥсны
Цандрыԥшь инхо Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалараз даанкылоуп