Аԥсны

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа аатит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны хәажәкыра 13 рзы. Иара мҩаԥысуан хәажәкыра 17 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит аҳәынҭқарратә филармониаҟны Чечентәыла Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль "Ваинах" аконцерт ала.

"Ари амчыбжь азы шәаргьы ҳаргьы ахҭыс ду ҳалахәуп - Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа рымҩаԥысра. Мышқәак раахыс Аԥсны ауааԥсыра алшара рыман аиашьаратә республика акультура абара. Аԥсны аҭоурых аҟны, макьана аиԥш зеиԥшу асовет аамҭазы ииз апроект аӡәгьы имҩаԥиамгаӡацт", - лҳәеит Аҳәынҭфилармониа асахьаркыратә напхгаҩы.

Афилармониа аҩнуҵаҟа кәапеишәа иҭәын, иамкыз атәарҭақәа рыбжьар ибжьагылан. Ахәаԥшцәа гәахәара дулла ирыдыркылеит артистцәа рҟазара, уи арҵабыргуан кәашарацыԥхьаӡа иацыз анапеинҟьабыжьқәа.
1 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

2 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

3 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

4 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

5 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

6 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

7 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

8 / 8

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит ансамбль "Ваинах" ақәгыларала

Аконцерт ахыркәшамҭаз Чечентәыла акультура аминистр ицхырааҩ Милана Зубаираева Аԥсуа жәлар рысасдкыларазы даҽа зныкгьы иҭабуп ҳәа раҳәо, Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ҳамҭас илҭеит ахылԥарчи аҟамеи.
Ақаҩба иазгәеиҭеит, ари аҩыза акультуратә усмҩаԥгатә аҩреспубликак рзы аҵак ду шамоу. Иҳәеит хара имгакәан аԥсуа артистцәа Чечентәыла ишаҭаауа.
Аԥсны
Чечентәылатәи афилармониа аҟазацәа рконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа мҩаԥысуан хәажәкыра 13 инаркны 17 рҟынӡа. Аԥсуа хәаԥшҩцәа алшара рыман Чечентәылатәи акультуратә ҟазара абара.