Аԥсны

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит

Зынӡа еизгоуп 20 тонна агуманитартә еидара – лассы иԥхасҭамхо афатә-ажәтә, аӡы, агигиенатә хархәагақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
"Аидара еизакуп. Издызкыло аган ишырҳәаз аиԥш еиҿкаауп. Ирҭәуп 6 транспорттә контеинерк. Урҭ Аҟәатәи абаӷәазахь инаргеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра рныԥшуан атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу.
Ҭырқәтәыла жәабранмзазы иҟаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аԥсны аиҳабыра аӡбамҭа рыдыркылеит адгьылҵысра иахҟьаны арыцҳара иақәшәаз атәылақәа афинанстә цхыраара аҳасаб ала 300 нызқь доллар рзышьҭра. 100 нызқь доллар Ҭырқәтәылаҟа, 200 нызқь доллар – Шьамтәыла. Апарламент уи иақәшаҳаҭхеит. Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит. Уи аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны.
Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит