Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аракета "Точка-У" ҭадырхеит

Иара убасгьы Аҳауаҿагыларатә мчқәа Херсонтәи, Харковтәи аобластқәеи ЛЖәР рыҟны уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14 карыжьит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аицҭырҟьаратә ракетақәа HIMARS хәбеи атактикатә ракета "Точка-У" ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи, арратә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла 112 раион рҿы иҭадырхеит 82 артиллериатә ҟәшақәеи, аруааи атехникеи.
Иара убас, Харковтәи аоблост аҟны иҭархан украинатәи арадиолокациатә станциа, ДЖәР аҟны - арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36.
Аусбарҭа излаанацҳауа ала, Купиансктәи ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 40-ҩык украинатәи аибашьцәа, аибашьыгатә акәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, аџьаԥҳаны шьҭаҵарҭа. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы – 70-ҩык инареиҳаны аибашьцәа, аршьаҟауаа рмашьына, акәылӡмашьына, апикапқәа хԥа, агаубица Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿ иҭархоуп 135-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, ҩ-танкк, х-кәылӡмашьынак, ԥшь-пикапк, аибашьыгатә машьына РСЗО "Град", агаубица Д-30, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада - Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 65-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, х-машьынак, агаубица Д-20 ҩба.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп – 25-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, жәа-машьынак, аибашьыгатә машьына РСЗО "Град", зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Акациа".