Владимир Путин Алан Гаглоев диԥылеит

2022 шықәсазы ареспублика ахадас иалырхыз Гаглоеви Путини раԥхьатәи реиԥылароуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Алан Гаглоев Кремль дидикылеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Владимир Путин Москвеи Цхинвали реизыҟазаашьақәа хра аҵаны дахәаԥшуеит.
"Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ҳаизыҟазаашьақәа мҩаԥысуеит. Атәылақәа рыбжьара атауареикәыршара 12% рыла иазҳаит. Ари рбага бзиоуп. Аинвестициатә, асоциал-економикатә, афинанстә, акредиттә уҳәа апрограммақәа аус руеит", - иҳәеит Путин.
Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура.
Алан Гаглоев Москваҟа днеит жәабранмзазы. Аха акоронавирустә инфекциа ахьидбалаз азы акарантин ахь дыҟан. Владимир Путини иареи реиԥылара аамҭа еиҭакын.