Арадио

Аргәын иҭаацәа рџьынџь ахь рырхынҳәразы: Аԥсноуп хаџьра иахьцатәу ҳәа раҳәан иаазгеит

2023 шықәса рзы 30 шықәса ҵуеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәаразы аилак аԥҵоижьҭеи, иара убас 30 шықәса ахыҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан игаз Аиааира. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
Sputnik
Нежат Аргәын Аԥсныҟа еибашьра иааз ҳџьынџьуаа ргәыԥ далан. Иара иабду амҳаџьырраан Ҵабалынтә Бырзентәылаҟа иагаз дреиуан, анаҩс Ҭырқәтәыла днанагеит. Арадиоефир аҿы Нежаҭ еиҭеиҳәеит иабдуцәа уа иахьнанагаз изықәшәаз ахҭысқәа, ирхыргаз.
"Аԥсны шыҟаз ҳдыруан, аха иахьыҟаз ауп иаҳзымдыруаз. Аҭырқәшәа сыздырӡомызт ашкол ахь санцоз. Ԥсышәала мацара ҳцәажәон. Ҳабацәа анааидтәалоз ирҳәоз Аԥсны аӡбахә акәын. Лакәҵас еиҭарҳәон. Сҩыза Баҳадыр Абыӷбеи сареи апаспортқәа ҟаҵаны Москва ала ҳабналаны ҳаарц ҳгәы ишҭаз аибашьра иалагеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа раара шыҟалази, Нежаҭ игәалашәараҿы Владислав Арӡынба дшаанхази атәы еиҭеиҳәеит аиҿцәажәараҿы. Иара убасгьы игәалаиршәеит иаби иани, иаб иашьеи, иаҳәшьеи, иашьцәа ҩыџьеи аибашьра ашьҭахь раагара шилиршаз.
"Сара ажәа хаақәа расҳәон, абрахь иаарцаз сҭаацәа. Саб хаџьра дцар иҭахын, аԥхьа иубаша Аԥсноуп, хаџьра убрахь ицатәуп ҳәа иасҳәеит. Хәыҷык иацҵан ирасҳәон зегьы, убас рхы сҭалеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.