Аԥсны

Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәаҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟалоит

Дамаск иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра Мрагылара Ааигәа егьырҭ атәылақәеи реизыҟазаашьа арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥнагоит, иара убас арҭ атәылақәа рганахьала Аԥсны азхаҵара аиуразгьы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәаҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵахоит ҳәа аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
"Аминистр иаликааит ацҳаражәҳәарҭа аусуреи ацҳаражәҳәаҩ ихаҭа илагалеи, Мрагылара Ааигәа атәылақәа рахь имоу аимадарақәеи алҵшәа бзиақәа шрымоу. Аԥсны ААР анапхгаҩы иаԥшьгарала атәыла ахада Аслан Бжьаниа дақәшаҳаҭхеит Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәа Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас иҟаҵара", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Баграт Хәытаба иакәзар, аминистр адырра ииҭеит Дамаск иаарту адипхаҭарнакра активла, лҵшәа бзиала аус шауа уи арегион аҿы иҟоу егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Ари ахырхарҭаҟны аԥсуа диаспорагьы адҳаԥхьалоит иҳәеит Хәытаба.
Ҳусура аҳәаақәа ирҭагӡаны арҭ атәылақәа рганахьала Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азхаҵараҟынӡагьы ҳнанагар ҟалоит, иара убас ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба. Убри аан иара зыӡбахә имоу атәылақәа арбанқәоу имҳәеит, уи аус иаԥырхагамхарц азы.
Аԥсны
Сынтәа аҩбатәи Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы амҩаԥгара азгәаҭоуп
Иара убас Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынбеи иареи реиԥылараан иазааҭгылеит аиҿкаара-техникатә ганахьала Шьамтәыла ацхыраара аҭара азҵаарагьы. Ҷыдала, иалацәажәеит хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәа амодультә ҩнқәа рзаахәара атәы.
"Аҳәынҭқарра аԥара маҷымкәа ацхыраараз иазоурыжьит, урҭ ишақәнагоу ахархәара роуроуп. Амодультә ҩнқәа 35 ааҳхәар ҳшоит", - иҳәеит Арӡынба.
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи иҟалаз адгьылҵысра ааха знаҭаз атәылауаа ацхыраара рыҭара иазыразхеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара. Шә-нызқь доллар рышьҭуеит Ҭырқәтәылаҟа, ҩышә нызқь – Шьамтәылаҟа.
Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 47 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит