Аԥсны

Путин инапы аҵаиҩит Урыстәылеи Аԥсни рыӡбамҭақәа рзы аиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥган 2022 шықәса рашәара 29 - ԥхынгәы 1 рзы Х Жәларбжьаратәи Петербургтәи аиуристтә форум аҿы
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит Урыстәылеи Аԥсни аекономикатә усқәа рзы рыӡбарҭақәеи абжьаҟазарҭақәеи рыӡбамҭақәа рзы аиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан, абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.
"Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аганқәа атәылауаа рнаплактәии егьырҭ рекономикатәии ус амҩаԥгараан ицәырҵуа аилибамкаарақәа рганахьала, аӡбарҭақәеи жәларбжьаратәи акоммерциатә бжьаҟазарҭақәеи рыӡбамҭақәа атәылақәа наҟ-ааҟ иазхарҵоит", - ҳәа аҳәон абри азакәан аганахьала Афедерациатә хеилак Жәларбжьаратәи аилак алкаа.
Аиқәшаҳаҭра иара убас ишьақәнаргылоит аӡбарҭа анапы иану аусқәа арбану: арзаҳал ахәаԥшра, уи аҵакы аҭҵаара, аӡбарҭатәии абжьаҟазаратәии ӡбамҭақәа разхаҵареи рынагӡашьеи аԥҟара, аӡбарҭа азхаҵара мап ацәкреи мчыла анагӡареи аԥҟара.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса рашәара 29 инаркны ԥхынгәы 1 аҟынӡа имҩаԥысуаз X Петербургтәи афорум аҿы. Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци иколлега Константин Чуиченкои рашәара 29, 2022 шықәсазы.
Афедхеилак аекономикатә усқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рыӡбамҭақәа рзы аиқәшаҳаҭра аднакылеит