АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 49,5 нызқьҩык иреиҳахеит, урҭ рыбжьара иҟоуп 7 нызқьҩык ҳәаанырцәтә тәылауаауп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Фуат Октаи.
"Каҳраманмарашь агәҭан иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 49 589-ҩык ауааԥсыра, урҭ рыбжьара иҟоуп 6 807-ҩык аҳәаанырцәтә тәылауаа", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Октаи, иара иажәақәа аанагоит агазеҭ Star.
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра рныԥшуан атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу. Ҭырқәтәыла аиҳабыра арҭ адгьылҵысрақәа "ашәышықәсан иреицәахаз арыцҳара ду" ҳәа ахырҳәааит.