Арадио

Какәбаа ашьхыцқәа рыԥсра иазкны: Урыстәылаҟа аҭҵааразы ишьҭыз, ачымазара адбаламызт

Ашьхыцқәа рықәӡаараз иҟоу ауадаҩрақәа инарымаданы Оачмчыра имҩаԥган аиԥылара арион аҿы инхо ашьхымзааӡаҩцәа алархәны. Уаҟа излацәажәази, насгьы иҟоу ауадаҩра аӡбаразы иззааибагази ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгьыз Какәбаа.
Sputnik
Ашьхымза ақәӡаара иалагеижьҭеи ҩышықәса ҵуеит, уи аҭҵаара ҳашьҭоуп иахьагьы ҳәа азгәеиҭеит Какәбаа аиҿцәажәараҿы.
"Ашьхымзаҭраҿы ашьхыц ԥсны иубаӡом. Иара иҭыԥраан ицоит, анаҩс ихынҳәӡом. Ашьхымзааӡара знапы алаку 180-ҩык ыҟоуп араион аҿы. Дара зегьы ргәаанагарақәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьа зыхҟьаз азы. Шьоукы амармалташьтә пты аҟынтә ахәшәтәрақәа имҩаԥысуа ирхарырҵоит, даҽа шьоукы ашьхақәа рыхәшә. Урыстәылаҟа ишьҭыз алабораториаҿы игәаҭан ашьхыц, аха ачымазара ҳәа акагьы адрымбалаӡеит. Ҩышықәса раԥхьа 500-600 тонна ацха ԥшны игылазҭгьы, уадаҩрас иҟаз иара аҭира акәын, уажәы ашьха аԥсра иаҿуп. Ҳгәы иҭоуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыцхыраарала аиԥылара амҩаԥгара, атәым тәылақәа рҟынтәи аҟазацәа адыԥхьалан иҟоу ауадаҩра аҭҵаара аҽазкра", - ҳәа иҳәеит Какәбаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.