Шәача 35 реис инареиҳаны рыԥырра ԥсахуп анаҟә иахҟьаны

Асабша Шәача ихчылаз анаҟә иахҟьаны аҳауатә шәарҭарз аҩежь ҩаӡара аларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Шәача аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа анаҟәхчылара шыҟац иаанхоит. Аҳаиреилахәыра ареисқәа зегьы раамҭақәа ирнахеит.

"Шәача аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа аҳауаҭә ҭагылазаашьа цәгьаны иаанхоит. Анаҟәи аԥсҭҳәа лаҟәны иахьхуи ирыхҟьаны аҳаирпланқәа зтәаӡом. Аҳаиреилахәыра ареисқәа зегьы раамҭақәа ирнахеит", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.

Аҳаиреилахәыра "Аэрофлот" аҟны ирҳәеит аҳауаҭагылазаашьа иахҟьаны Шәача ареисқәа шырԥсахуа хәажәкыра 19-20 рзы.
Иахатәи аҵх иалагӡаны шәачатәи аҳаирбахәаза аҟынтәи 57 реис рҟынтәи 2 заҵәык роуп иԥырыз.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала, амш аилгара азгәаҭоуп хәажәкыра 20 асааҭ 12:00 инаркны.