Аԥсны

Шәачатәи акьанџьақәа ртеатр "Саквояж" Аҟәа ахәыҷқәа рзын аспектакль ықәнаргылеит

Роман Соколовски Шәачатәи икьанџьақәа ртеатр "Саквояж" раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит апроект "Аԥснытәи аԥшаҳәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы аҟазара школ аҟны Роман Соколовски Шәачатәи икьанџьақәа ртеатр "Саквояж" ахәаԥшцәа ирыднагалеит "Лист работы Ниггля" аспектакль ахәаша, хәажәкыра 19 рзы.
Соколовски иажәақәа рыла, аспектакль иаҭааит 50-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи. Аспектакль ықәыргылоуп Џьон Толкин иажәабжьқәа рмотив ала, иаарԥшуп аԥсреи аԥсҭазаареи, ауаҩы изыԥҵәоу иаамҭа ииашаны ахархәашьа.

"Ҳара ҳаспектакль еиҳарак излеибарку акьанџьақәа-аӡәы иҳәатәы иацныҟәо рыла ауп. Адекорациасгьы иҟоу ԥслымӡла аекран аҟны асахьаҭыхра. Аԥслымӡ ари метафароуп, аԥстазаара шаҟа ирласны имҩасуа. Ақәыргыламҭа иара убасгьы иацхраауеит алашарақәеи, ашьҭыбжьқәеи, алҩеи", - ҳәа иҳәеит иара.

Иазгәеиҭеит, иқәыргылаз аспектакль Ахәыҷтәы ҟазара школ ахыбра ажәытә архитектуреи аҭагылазаашьеи ишанаалаз. Ахәаԥшцәа ракәзар артистцәа аԥхарра аҵаны ишрыдыркылаз. Толкин иажәабжьқәа рыҟны ишьҭыху адуцәа рзы шакәугьы аинтерес шьҭыхны иахәаԥшуан.
1 / 3

Шәачатәи акьанџьақәа ртеатр "Саквояж" Аҟәа иаҭааит

2 / 3

Шәачатәи акьанџьақәа ртеатр "Саквояж" Аҟәа иаҭааит

3 / 3

Шәачатәи акьанџьақәа ртеатр "Саквояж" Аҟәа иаҭааит

Атеатр "Саквояж" раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит апроект "Аԥснытәи аԥшаҳәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, авторс дамоуп Альбина Иаруллина. Аспектакль "Лист работы Ниггля" иалахәуп ҩыџьа артистцәеи арежиссиори.
"Даара гәахәараоуп ҳара ҳзын ари апроект ҳахьалахәу, анаҩсгьы иацаҳҵоит. Ҳара ҳтрадициала аспектакль ашьҭахь зегьы асцена иқәҳҵоит. Ахәаԥшцәа алшара рымоуп акьанџьақәа рбара, ирызцәырҵуа азҵаарақәа ҳаҭара. Ахәыҷқәеи адуцәеи иахьа иҳазҵаауан арҭ акьанџьақәа злыху, ишҳархәмаруа. Иара убас, ирацәоуп азеиӷьашьаратә шәҟәы аҟны иаҳзаанрыжьыз анҵамҭақәа, аха ҳара уи макьана ҳамыԥхьаӡацт", - ҳәа иҳәеит Соколовски.
Аԥсны
Акьанџьақәа ҟазҵо шәачатәи аҟаза Роман Соколовски аҟазаратә класс мҩаԥигеит Аҟәа
Иара иҳәеит, Аԥсныҟа иаара ишҵыхәтәантәимхо. Иара убасгьы, апроект алахәылацәа Аҟәа иналс-аалсны абара рылшеит.