Урыстәыла адунеи аҟны ажәабатәи аҭыԥ ааннакылоит аекспорт тауар азы

Иаҳхысыз ашықәс азы Урыстәыла аекспорт тауар еизҳаит 591,5 миллиард доллар рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. 2022 шықәсазтәи аихшьаалақәа рыла Урыстәыла адунеи аҟны ажәабатәи аҭыԥ ааннакылеит аекспорт тауар азы, аҳасабырба азгәаҭоуп РИА Новости амилаҭтә статистикатә маҵзура ашьаҭала.
Урыстәыла аекспорт тауар иартәеит 591,5 миллиард доллар.
Аекспорт тауар азы зегь раасҭа зымҽхак ҭбаау акәны иаанхоит Китаи - 3,6 триллион доллар, уи иашьҭанеиуеит ЕАА - 2,1 триллион, Германиа - 1,7 триллион доллар. Нидерланды аԥшьбатәи аҭыпахь инаскьеит, аекспорт иартәеит 760,6 миллиард доллар, уи алагь Иапониа наскьанагеит, уи аекспорт иартәеит 747,6 миллиард доллар.
Иааидкыланы ҵыԥхтәи ашықәс азы 30 ҳәынҭқарра аҳәаа иахырго атауар 10,2% еизҳаит - 9,98 триллион доллар рҟынӡа.
Аҭҵаарақәа мҩаԥган адунеи аҟны 60 аекономиказы амилаҭтә статистикатә маҵзура дуқәа рдыррақәа рыла.