Аԥсны

Адекларациа ззыҟаҵамыз адухьҭрақәа ҩынҩажәа рымырхит аурыс-аԥсуа ҳәааҿы

Амашьына аԥсҟы зкыз иалеигалоз атауар дақәиҭызтәуаз адокументқәа изцәырымгеит, аҳазалхратә декларациа хаимырҭәааит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа адухь алагалара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхра Шәача ақалақь аҿы иҟоу апресс-маҵзура.
Аконтрабандатә аалыҵ рбеит автомашьына Toyota Corolla аҿы. Зеиԥшла ирбеит 40 цыра адухьҭра.
"Атауар ахыԥхьаӡареи аҟазшьалеи иубартә иҟан уи ахатәы хархәара ишазкымыз, убри азы аҳазалхратә декларациа азутәын. Атауар рымырхит, уи ахкқәа аекспертизахь нашьҭуп", - иҳәеит аҳазалхратә ҭыԥ аиҳабы Алексеи Быков.
Автомашьына арныҟәцаҩ иганахьала административтә зинеилагаразы ашьаус хацрыкуп Административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа ҟ ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (атауарқәа адекларациа рзымура мамзаргьы иԥаршеиу адекларациа азура).