Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациақәа Ливани Афганисҭани ицеит

Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәахьан Мрагылара Ааигәа ҳреспубликазы ихадоу адәныҟаполитикатә хырхарҭақәа ишреиуоу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациақәа аусутә еиԥыларақәа рзы Ливани Афганисҭани ицеит, абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
Аԥснытәи аделегациақәа рнапы иануп Беирути Кабули ҳареи ҳабжьара аекономикатәи агуманитратәи еимадарақәа рырӷәӷәара, ахәаахәҭратә ҩнқәа раԥҵара.
Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәахьан Мрагылара Ааигәа ҳреспубликазы ихадоу адәныҟаполитикатә хырхарҭақәа ишреиуоу, урҭ ҳареи ҳаимадарақәа шырӷәӷәатәу. Аԥсны ААР ахада даниԥылоз, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба аҳәамҭа ҟаиҵеит Дамаск иҟоу ҳхаҭарнакра активла, лҵшәа бзиала аус шауа уи арегион аҿы иҟоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷӷәара иазку ахырхарҭаҿы.
Аԥсны
Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәаҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟалоит
Уи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны арҭ атәылақәа рганахьала Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азхаҵараҟынӡагьы ҳнанагар ҟалоит, иара убас ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба уи аиԥылараҿы. Убри аан иара зыӡбахә имоу атәылақәа арбанқәоу имҳәеит, уи аус иаԥырхагамхарц азы.
Иара убас, жәабран 9 2023 шықәса рзы Аҟәа имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Афганисҭан ацҳаражәҳәарҭа аделегациеи реиԥылара. Усҟан дара алацәажәеит арегионтә шәарҭадареи, Афганисҭан ишьақәгылаз агуманитартә ҭагылазаашьеи, Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәеи реимадарақәа рырӷәӷәареи рызҵаарақәа.
Аԥсны
Аԥсны ААР аҿы афганисҭантәи аделегациа ирԥылеит