Урыстәыла Африкаҟа хәыдаԥсада арыц нанашьҭлоит аиқәшаҳаҭра аанкылахаргьы

Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла ахыдҵақәа шынанагӡо, аԥхьаҟагьы уи аинтересқәа шахьчало.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аиқәшаҳаҭра аанкылахаргьы Урыстәыла Африка атәылақәа рышҟа хәыдаԥсада арыц нанашьҭлоит иҳәеит Владимир Путин жәларбжьаратәи апарламенттә конференциа "Россия — Африка в многополярном мире" аҟны.
"60-мш рышьҭахь арыц азы аиқәшаҳаҭра иацҳамҵаргьы, Африка атәылақәа рахь Урыстәылантәи арыц хәыдаԥсада инаҳашьҭуеит уаанӡатәи амҽхак ала", - ҳәа иҳәеит иара.
Путин иажәақәа рыла, Урыстәыла Украинатәи арыц азы аилаӡара иақәшаҳаҭхеит Африкатәи атәылақәа рҭахрақәа азхьаԥшра рыҭаны.
Убри аан Москва аилаӡара апакет ҟазшьа аманы иҟазароуп ҳәа иашьоит, иара аҭахрақәа рынагӡарагьы ахәҭаны иабоит. Уи иаанаго арыци арҵәыгақәеи урҭ зыда ихәарҭам атәылақәа рахь ауп иахьынашьҭлатәу иҭәы иԥха иҟоу Европаҟа акәымкәа. Путин иажәақәа рыла уажәы 45% арыц европатәи атәылақәа рахь инаргеит, 3% заҵәык роуп Африкаҟа инарышьҭыз.
Урыстәыла ахыдҵақәа нанагӡоит иҳәеит ахада.
"Урыстәыла ламысцқьала ахыдҵақәа зегьы нанагӡоит: афатәаалыҵ, арҵәыгақәа, абылтәы уҳәа аконтинент атәылақәа рахь анашьҭразы. Шәара ижәдыруазар ауп европатәи атәылақәа идырбаандаҩыз ҳмазарақәак, арҵәыгақәа нарылаҵаны амамзаара иҭагылоу атәылақәа рыҭара ҳшақәшаҳаҭу. Аха абраҟагьы иаҳԥырхагоуп", - ҳәа иҳәеит Путин.
Урыстәыла, Украина, Ҭырқәтәыла, ЕАР арыц азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ԥхынгәы 22 2022 шықәсазы. Уи иалнаршоит украинатәи аарыц, афатәаалыҵ, арҵәыгақәа Одесса налаҵаны х-баӷәазак рҟынтәи Амшын еиқәала аиагара. Аиқәшаҳаҭра аҽҳәара абҵара 18 2022 шықәсазы ишынҵәозгьы иазгәаҭан 120-мш хәажәкыра жәаанӡа анагӡара.