Владимир Путини Си Цзиньпини еиԥыларан иҟоуп Кремль хәажәкыра 20 рзы

Китаитәи аделегациа москватәи аҳаирбаӷәаза "Внуково" итәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Владимир Путини Китаи ахада Си Цзиньпини Кремль еиԥылоит хәажәкыра 20 рзы, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә, ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков шьаҭас дааганы.
"Иахьа иҟалоит иформалтәым, аха акыр зҵазкуа аҳәамҭа. Атәыла ахадацәа ишьҭырхуеит даара хра злоу аҵаарақәа", - иҳәеит иара.
Иара убасгьы Песков иҳәеит ҩ-тәылак рхадацәа шалацәажәо Китаи аԥшьгарала ҭынчымҩала украинатәи акризис алҵра, иҟоу ауадаҩрақәа рзы Урыстәыла агәаанагара Си ажәабжь иаҳауеит Путин ихаҭа иҟынтәи.
Акоммунисттә партиа Китаи анапхгаҩы Урыстәыла иусуратә ҭаара амш хада ҳәа иазгәаҭоуп уаҵәы. Усҟан имҩаԥгахоит аофициалтә еиԥылара, еиуеиԥшым аформатқәа рыла аиҿцәажәарақәа, АИХ-қәа рзы аҳәамҭақәа, аҳәынҭқарратә шьыбжьхьа.
Си Цзиньпин Москва дыҟазаауеит хәажәкыра 22 рҟынӡа. Ари аҳәаанырцәҟа раԥхьатәи ицара ауп, атәыла ахадас ахынтә раан иалхра ашьҭахь.
Владимир Путин Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьазы астатиа иҩит