Арадио

Арухаа Жәлар рарҳәагақәа рконцерт азы: напеинҟьабжь згымыз ашәақәа рыла ишьақәгылахоит

Хәажәкыра 22 рзы Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқааратә оркестр аконцерт мҩаԥгахоит. Уи шеиҿкаахо, иарбан шәақәоу иалагалахо - абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
Sputnik
Аҳәынҭқарратә филармониаҿы асааҭ 18:00 рзы иҟалоит аконцерт. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқааратә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы ааԥхьара ҟаиҵеит уи иааҭарц.
"Ажәлар иаҳа ибзиан ирыдыркылахьаз, аконцертқәа раан напеинҟьабжь згымыз ашәақәа рыла ишьақәгылахоит аконцерт. Ари иҿыцу программаны иҟам, аха доусы игәаԥхаша алигап ҳәа сыҟоуп. Иҟалоит иҿыцу ашәақәагьы, жәлар рашәақәа ҳхатә музыка аҵаҵаны. Зегьы ԥсыуа мелодиахоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.