Аԥсны

Аԥсны амилициа аусзуҩ даанкылоуп анаркотикқәа алаирҵәоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

Аусеилыргара агәаанагара инақәыршәаны, гәҩарас ирымоу имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аамҭалатәи аанкыларҭаҿы анаркотикқәа рылаирҵәон.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Ашьаус хацыркуп Аԥсны амилициа алеитенант еиҵбы Аик Арзуманиан иганахьала, абри атәы аанацҳауеит ареспублика Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Арзуманиан аҳҭнықалақь аҿы аамҭала аанкыларҭаҿ ҷаԥшьаҩыс дыҟан. Иара аоперативтә информациа анагӡараан хәажәкыра 18 рзы даанкылан.

Иаанкылаз идбалан ҩ-граммк зҭаӡо агәырқәа фба, аххы-маҭәашьар шкәакәа. Идбалоу ааихәеит имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аамҭала аанкыларҭаҿы анаркотикқәа рылаирҵәарц азы.
Ашьаус хацыркуп АА АЗ ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 апункт "г" (закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәара, аҭиразы рымазаара, рыҭира) инақәыршәаны. Арзуманиан аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп. Аӡбарҭахь аҳәара нашьҭхоит дырбаандаҩызарц.
Аԥсны
Анаркотикқәа раларҵәаразы Узбекисҭан атәылауаҩ даанкылоуп