Аԥсны

СССР 100 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә медалқәа рыҭан Аҟәа

Амедалқәа рыҭан Аԥсны уаанӡатәи асоветтә, апартиатә, акомҿартә усзуҩцәа 30-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. СССР 100 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә медалқәа рыҭан Аҟәа, "Москва Аҩны" аҟны хәажәкыра 21 рзы.
Амедалқәа рыҭан Аԥсны уаанӡатәи асоветтә, апартиатә, акомҿартә усзуҩцәа 30-ҩык.
"Сгәанала, ари ауснагӡатә "Москва Аҩны" аҟны иахьымҩаԥысуа асимволтә ҟазшьа амоуп, избанзар Москва Асовет Еидгыла иаҳҭнықалақьын, СССР иқәынхоз зегьы еиднакылон. Иахьа ара ҳаизеит асовет ҳәынҭқарра, асовет жәлар, раԥхьа инаргыланы Аԥснытәи автономиатә социалисттә республика аҿаԥхьа шәара шәылшамҭақәа азгәаҳҭарц. Ҭабуп ҳәа рхысҳәаар сҭахуп Асоветтә Аԥсны аҿаԥхьа шәылшамҭақәа рзы. СССР ашьаҭаркра 100 шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа", - иҳәеит "Москва Аҩны" анапхгаҩы Александр Бигәаа.
1 / 7

СССР шьаҭаркуижьҭеи 100 шықәса аҵреи Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара 102 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы агәаларшәагатә медалқәа ранаршьеит Аҟәа.

2 / 7

3 / 7

4 / 7

5 / 7

6 / 7

7 / 7

Адныҳәаларатә шәҟәы ааиҭиит Урыстәыла акоммунисттә партиа ахада Геннади Зиуганов.
Иара иазгәеиҭеит дшазыхиоу еснагь Аԥсны акоммунисттә партиа алахәылацәа рыжәҩа аҵагылара.
“Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа – еиҩызоу, астратегиатә партниорцәа роуп. Урыстәыла Аԥсны афинанстә цхыраара анаҭоит, аԥсуа еибашьцәа активла арратә операциа иалахәуп. Акоммунисттә партиа аганахьала аиныррақәа традициахеит", - ҳәа аҳәоит Зиуганов иаашьҭымҭа.
Амедалқәа аԥнаҵеит УА Акоммунисттә партиа Аилак хада, СССР шьаҭаркуижьҭеи 100 шықәса аҵреи Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара 102 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Дамениа Асовет Еидгыла 100 шықәса ахыҵра иазкны