АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР, Запорожиеи Херсони аобластқәа рҿы украинатәи арадиолокациатә станциақәа AN/TPQ-37 (ЕАА) хԥа ҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аҳаирпланқәа аҳауаҿы иҭадырхеит украинатәи аҳаирплан Су-25, Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам 31 украинатә хархәагақәа, аицҭырҟьаратә система HIMARS ахгәыцәқәа хԥа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки ҽнаки рыла иҭархан 80-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубица Д-20; Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы – УАМ 95 солдаҭ, акәылӡмашьынақәа ҩба, агаубицақәа Д-20, Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 160-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-20; Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы – 30-ҩык аруаа, ҩ-пикапк, агаубица Д-30; Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 40-ҩык асолдаҭцәа, х-автомашьынак, ҩ-гаубицак "Акация", артиллериатә система М777.