Аԥсны

Афонд "Ашана" Денис Аникин изы аԥареизгара еиҭарыланаҳәеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ДЦП змоу Денис Аникин изы аԥареизгара еиҭарыланаҳәеит.
Денис аортопедиатә операциақәа ҩба изыҟарҵахьеит аклиника "Субр Аствацамайр" аҿы, Ереван. Иара убасгьы ареабилитациатә курсқәа дырхысхьеит.
Уаанӡа иара цхыраарада дзымныҟәозҭгьы, уажәы ихала дныҟәартә аҭагылазаашьа имоуп. Аха иҟоу аихьӡарақәа рышьақәырӷәӷәаразы аамҭа-аамҭала еиҭа акурсқәа дырхыслароуп. Уажәазы еизгатәны иҟоуп 218 000 мааҭ. Арахь иаҵанакуеит зыхә шәам уаанӡатәи акурсгьы.
Ацхыраара аҟаҵашьа еилышәкаар шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.