Аԥсны

Аԥсны ААР-и Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи имҩаԥысраны иҟоу араунд иалацәажәеит

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 4-5 рзы Женева.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи, ахҭысқәа ақәҿыҭразы иҟоу амеханизмқәа реиҭахацыркреи, иара убас ҭынч реиҭанеиааиреи ирылацәажәеит Аԥсны ААР ахаҭарнакцәеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи.

Аиҿцәажәара авидеоконференциа аформат ала имҩаԥган, мшаԥы 4-5 рзы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57 рраунд аламҭалазы.

Хәажәкыра 22 рзы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи авидеоконференциала русура аԥхьаҟатәи аԥеиԥш иалацәажәеит.
УААР ахада ихаҭыԥуаҩи ацхантәаҩцәеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реиҭахацыркра иалацәажәеит